background image background image

Гьаргь аԥхаз

Гьаргь Аԥхаз иара иепоха аҟны ареволиуциатә артист иоуп, уи Европатә атеатрқәа асценатә асахьаҭыхраҿы иӷәаӷәаӡаз абжьи, актуалреи азирхынҳәит. Гьаргь Римтәи аопера аҟны ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аус иуан, асценатә сахьаҭыхратә концепциа зынӡа ирҿыцу апризма ахь ииеигеит. Уи иусумҭақәа алукаауеит, аҿыхареи, аԥштәқәа иџьоушьаратәы еилаҵарашьа, аколорит ӷәӷәеи, ишьақәырӷәӷәоу ацәаҳәақәеи, ахәыцреи рыла, убри аҟнытә уи ирҿиара иахьагьы аамҭа иақәнаго, ановатортәқәа иреиууп.

1892
1964
Menu image

Гьаргь Аԥхаз ихыигаз иԥсҭазаара адунеи аҭоурых аҟны ақырҭцәа рзы ахадара змаз ашьҭа иҳанаҳәоит.

Ари ахҭыс Қырҭтәыла инахыганы анхара зықәшәаз ақырҭуа, адипломат аемигрант, аҟаза изкуп, уи Италиа аҟны Аԥсуа принц ҳәа дырдыруан. Гьаргь ижәла Аԥсны аҟны ажәладу- Анчабаӡеа (Ачба) Кахеҭи, Карданахи аҟны инхоз абиԥара дрышьҭроуп. Османтәи аимпериа ала Аԥсуаа рыԥсадгьыл рымхра аамышьҭахь, избанзар урҭ рыԥсуа ажәла рхатәы аҭоурыхтә дгьыл Аԥсныҟа ахынҳәра рылшомзт азы, урҭ амраҭашьара, амшын аԥшaҳәа аҟнытә Қырҭтәыла амрагыларатәи Кахеҭи анхара иалагеит. Аҭыԥын инхоз ауаа урҭ еснагь аԥсуаа ҳәа ирыԥхьаӡон, иара абра ауп ашьаҭа ахьыҵнахыз урҭ рыжәла, аҭауадцәа аҿыц аҭоурыхгьы абас иалагеит. Гьаргь Аԥхаз, 1892 шықәсазы, Қырҭтәыла диит, 1911 шықәсанӡа иаб иуацәа рыҟны Қарҭ изҳауан, 1913 шықәса анҵәамҭазы Лиежҟа ддәықәлеит, уаҟа аелектро-институт аҟны аҵара далагеит. 1914 шықәсазы Гьаргь Париж анхара далагеит, уаҟа напылаҟаҵаратә аҟазаратә аинститут аҟны аҵара дҭалеит, иара уаҟа иҽазикит асценографиа азаанаҭгьы аҵара. 1919 шықәсанӡа Гьаргь Рим аҟны, Қырҭтәылатә адемократиатә республика адипломатиатә миссиа аҟны, арратә атташес аус уиан. Қырҭтәыла арсоветра атрагедиатә ахҭысқәа, уи Италиатә аҳҭнықалақь аҿы иҟазаара ихьӡеит. Аилкаара уадаҩым, изакәытә еизыҟазаашьаз имаз, адипломат, зхыиақәиҭыз аҟаза ашьаарҵәыра ала иҟьашьыз ампыҵахалаҩцәа рахь, Арсаветреи, ареспублика ҟаԥшьи, иацлеит, Гьаргь иашьа ду Коте Аԥхаз –аинрал ирбаандаҩтәра, иргәаҟра нас уи ишьра. Апротест ҳасабла Гьаргь аконсул маҵура аанижьит, Рим ахҵәа истатус ала даанхит. 1923 шықәсазы италиатә ԥҳәызбак ԥҳәысс дигеит, нас урҭ нхара Миланҟа ииасит, уаҟа 1937 шықәсазы Италиатә атәылауаҩра ирҭеит.

Гьаргь
close icon

Гьаргь аԥхаз

Гьаргь Аԥхаз ихыигаз иԥсҭазаара адунеи аҭоурых аҟны ақырҭцәа рзы ахадара змаз ашьҭа иҳанаҳәоит. Ари ахҭыс Қырҭтәыла инахыганы анхара зықәшәаз ақырҭуа, адипломат аемигрант, аҟаза изкуп, уи Италиа аҟны Аԥсуа принц ҳәа дырдыруан. Гьаргь ижәла Аԥсны аҟны ажәладу- Анчабаӡеа (Ачба) Кахеҭи, Карданахи аҟны инхоз абиԥара дрышьҭроуп. Османтәи аимпериа ала Аԥсуаа рыԥсадгьыл рымхра аамышьҭахь, избанзар урҭ рыԥсуа ажәла рхатәы аҭоурыхтә дгьыл Аԥсныҟа ахынҳәра рылшомзт азы, урҭ амраҭашьара, амшын аԥшaҳәа аҟнытә Қырҭтәыла амрагыларатәи Кахеҭи анхара иалагеит. Аҭыԥын инхоз ауаа урҭ еснагь аԥсуаа ҳәа ирыԥхьаӡон, иара абра ауп ашьаҭа ахьыҵнахыз урҭ рыжәла, аҭауадцәа аҿыц аҭоурыхгьы абас иалагеит.

Гьаргь Аԥхаз, 1892 шықәсазы, Қырҭтәыла диит, 1911 шықәсанӡа иаб иуацәа рыҟны Қарҭ изҳауан, 1913 шықәса анҵәамҭазы Лиежҟа ддәықәлеит, уаҟа аелектро-институт аҟны аҵара далагеит. 1914 шықәсазы Гьаргь Париж анхара далагеит, уаҟа напылаҟаҵаратә аҟазаратә аинститут аҟны аҵара дҭалеит, иара уаҟа иҽазикит асценографиа азаанаҭгьы аҵара.

1919 шықәсанӡа Гьаргь Рим аҟны, Қырҭтәылатә адемократиатә республика адипломатиатә миссиа аҟны, арратә атташес аус уиан. Қырҭтәыла арсоветра атрагедиатә ахҭысқәа, уи Италиатә аҳҭнықалақь аҿы иҟазаара ихьӡеит. Аилкаара уадаҩым, изакәытә еизыҟазаашьаз имаз, адипломат, зхыиақәиҭыз аҟаза ашьаарҵәыра ала иҟьашьыз ампыҵахалаҩцәа рахь, Арсаветреи, ареспублика ҟаԥшьи, иацлеит, Гьаргь иашьа ду Коте Аԥхаз –аинрал ирбаандаҩтәра, иргәаҟра нас уи ишьра. Апротест ҳасабла Гьаргь аконсул маҵура аанижьит, Рим ахҵәа истатус ала даанхит. 1923 шықәсазы италиатә ԥҳәызбак ԥҳәысс дигеит, нас урҭ нхара Миланҟа ииасит, уаҟа 1937 шықәсазы Италиатә атәылауаҩра ирҭеит.

Аԥхаз 1926 шықәса инаркны активрала аус иуан Рими, Милани атеатрқәеи, аҟазататә гәыԥқәеи рҟны. 1943-49 шықәсқәа рзы акыр еицдырыз италиатә акиноқәа рҿы асахьаҭыхҩы хадас аус иуан. Аха, аҵабыргразы иазгәаҭатәуп, артист изы иреиӷьӡаз агәахәара уи атеатртә ақәыргыларақәеи, асценатә сахьаҭыхреи ракәын, урҭ иара артисттә асалонқәеи, аҟазара азгәыбылҩцәеи рҿы жәларбжьаратәи азхаҵара иоуит. Аԥхаз 20 шықәса рыбжьара аус иуан Римтәи аоператә театр аҟны.

Уи, иара убас, иакымкәа италиатә ашәҟәқәа аиллустратор иоуп, урҭ рыҟнытә иҷыдоу азҿлымҳара иаԥсоуп артист ибзиаӡоу иллустрациа ажурнал «Ла Летура» азы- иџьоушьаша, угәы ҭзырԥраауа аиллустрациақәа ирну ахаҿқәеи, урҭ рҟазшьеи, иуникалу аколлорити.

sound icon
soundball
sound icon
инапы́иани́ҵоит
left arrow icon right arrow icon

Аԥхаз Лиза

Лиза лыԥсҭазаара лара лашьцәа ирхыргаз атрагедиақәа инрывагылон. Елисабет хҩык лиеиҳабыз аишьцәа реиԥш Урыстәыла аанылмыжьит. Адырра уадаҩым, араҟа раанхара зыӡбаз лара лхаҵа, Сергеи Борделиус шиаку, избанзар аҭаацәа рҟны ҩыџьа зықәра маҷыз ахәыҷқәа ыҟан, убри азы иаанхеит Урыстәыла, аха ари аперспектива аҟнытә, имаҷыз адырра иахҟьаны, уи аилыргара акыр иуадаҩын. Лиза лхәыҷра ахь ҳхынҳәыр, аӡӷьаб 1901 шықәса, 3 шықәса анылхыҵуаз деҭымхеит. Аха, зегьы акоуп еснагь лабҿаба илгәалашәон дызхылҵыз лани-лаби. Ахәыҷы лашьа Ираклии лареи, лан луацәа рыҩны дынхон, аҵарагьы уаҟа илоуит. Лыуацәа Қопысь, Магилевски агуберниа аҟны инхон. Аӡӷаб луацәа иуаа бзиақәан, ибзианы илызныҟәон, зегьы ҟарҵон Лиза лхы насыԥ бзианы илбарц, лхатәы ҭаацәара аҟны иҟаз аԥхареи, аҭагылазаашьеи лхамшҭырҵ. Аӡӷьаб аҿҿаҳәа дцәажәон афранцыз бызшәала, дныҟәон Магилевскитәи агимназиа ахь, иара уа илоуит аҵара дызлалгаз ала азшьа.

Гьаргь
close icon

Аԥхаз Лиза

Лиза лыԥсҭазаара лара лашьцәа ирхыргаз атрагедиақәа инрывагылон. Елисабет хҩык лиеиҳабыз аишьцәа реиԥш Урыстәыла аанылмыжьит. Адырра уадаҩым, араҟа раанхара зыӡбаз лара лхаҵа, Сергеи Борделиус шиаку, избанзар аҭаацәа рҟны ҩыџьа зықәра маҷыз ахәыҷқәа ыҟан, убри азы иаанхеит Урыстәыла, аха ари аперспектива аҟнытә, имаҷыз адырра иахҟьаны, уи аилыргара акыр иуадаҩын. Лиза лхәыҷра ахь ҳхынҳәыр, аӡӷьаб 1901 шықәса, 3 шықәса анылхыҵуаз деҭымхеит. Аха, зегьы акоуп еснагь лабҿаба илгәалашәон дызхылҵыз лани-лаби. Ахәыҷы лашьа Ираклии лареи, лан луацәа рыҩны дынхон, аҵарагьы уаҟа илоуит. Лыуацәа Қопысь, Магилевски агуберниа аҟны инхон.

Аӡӷаб луацәа иуаа бзиақәан, ибзианы илызныҟәон, зегьы ҟарҵон Лиза лхы насыԥ бзианы илбарц, лхатәы ҭаацәара аҟны иҟаз аԥхареи, аҭагылазаашьеи лхамшҭырҵ. Аӡӷьаб аҿҿаҳәа дцәажәон афранцыз бызшәала, дныҟәон Магилевскитәи агимназиа ахь, иара уа илоуит аҵара дызлалгаз ала азшьа. Уи аамҭа аҟнытә еиқәханы иҟоуп ҩ-патреҭк: акы аҟны Елисабед даныхәҷыз, ашкол аҵаҩы ӡӷаб, егьи апатреҭ аҟны лыуацәа дрыцны иҭыхуп, урҭ рыҟнытә руаӡәы анаҩс лара лхаҵа иакәхеит.

1910-12 шықәсқәа рзы Елисабед Қарҭҟа дхынҳәит, абас ԥшьҩык аишьцәеи, раҳәшьа заҵәи зегьы еицылеит. Ҳара ҳаҟнынӡа еиқәханы, аха иԥхасҭаны иааит патреҭк, уаҟа Лиза лашьцәеи лареи ануп. Апатреҭ анҭырх аамышьҭахь, маҷк анҵы аӡӷаб Сергеи Борделиус хаҵа диццеит. Сергеи агвардиатә аофицерын, актәи адунеитә аибашьра далахәын, акыр ирацәаны арратә чынқәа ирыԥсахаз иакәын. Анаҩстәи ахҭысқәа ирызкны, рыцҳарала, адыррақәа ыӡуеит. Лиза ҩыџьа ахшаара лхылҵит, аха урҭ рыхьыӡқәа аҭоурых аҟны иаанымхеит. Усҟантәи аамҭазы Урыстәыла атәылауааратәи аибашьра акаамеҭра иалагеит. Уи иацнеиуа Қырҭтәыла ахьԥшымра азын ақәԥара анҵәамҭа ахь инеиуан. Мчылатәи амиграциа руакы анымҩаԥысуаз аан, амҩа иахьықәыз, Лиза лхәыҷқәа аршра чымазара ҿкы рыхьын, иԥсит. Агәырҩа иақәшәаз хаҵеи-ԥҳәыси аберҭыԥ ахь инеит – Сергеи ақьырсиантә, Лиза –акатоликтә. Хәҷы-хәҷы хаҵеи-ԥҳәысеи реицынхара адинхаҵаратә аиқәԥара ахь ииасит, избанзар рыҩџьагьы дара рдин иадыргар рҭахын. Абриа иааҟәымҵӡакәа реиҿыхара аҭаацәа еилнахит. Анаҩс, Сергеи адинхаҵаратә амотив ала ддырбаандаҩит, абахҭа уаҳа дызҭымҵит. Лиза активрала иналгӡон акатоликатә динхаҵара апропоганда, еиҳараӡак аурыс милаҭ аиашахаҵара назгӡоз ауаа рзы, урҭ иақәлыргәыӷуан Римтәи Ватикан афинанстәи, аморальтәи ацхыраара шрырҭоз ала. Иара убас, аамҭак ала уи аиҭагаҩыс аус луан. Асаветтә напхгара «иаханамаршҭит» Елисабед активрала иналгӡоз адинхаҵара иазкыз лус, 1931 шықәсазы, уи ҩажәаҩык ауаа рхыԥхьаӡара далашәеит, акатоликатә, аконтрреволиуциатә, ачарҳәратә аиҿкаара аҟны аимадарақәа рзы ахара лықәырҵон. Аха, 1937 шықәсазы, илықәыз ахара ирзышьақәмырӷәӷәазт азын ахара илықәырҵоз лықәырхит. 1935 шықәсазы Лиза лыԥсадгьыл еиҭах «иаанартит», аберҭыԥтә «илегалымз» лусурақәа рахь аинтирес азцәырҵит. Елисабед Аԥхаз лус рыӡбеит, дҭаркит, дахыргеит.

Иракли Аԥхаз имоҭа уамашәа иубаша, илахьеиқәҵагоу аҭоурых игәалаиршәоит, уи Абхазаа рабеиԥаратә атрагедиатә ԥсҭазаара иауаку аԥсҭазааратәи ацыԥҵәаха ауп. 1967 шықәсазы, сабду иҟны (Иракли Аԥхаз) ҳаицны шәарыцара ҳцеит, Смоленсктәи аокруг абнаҿы, иаацәырҟьаны амш цәгьахеит, убри аҟнытә иҳаӡбеит ацх раԥхьаӡа иаҳԥыло ақәацә аҟны иаҳхаҳгарц. Акыр аныҟәара аамышьҭахь, акыр иӷарыз ҩныеихасак ҳнадгылеит, алҩацарҭа аҟнытә иҩеиуаз алҩа ахыбра иахыгьежьаауан. Ақәацә иҩналаз, аԥечка иадтәалаз аԥҳәыс брыг дҳақәшәеит, уи аиқәаҵәа маҭәа лшәын. Аԥсшәа анлаҳҳәа аамышьҭахь, аԥҳәыс ақырҭшәала сабду иахь лхы лырхеит. Ари ахҭыс ари идагәоу, ирхашҭхьоу Смоленсктәи абна аҟны иҟалит, сара ақырҭшәала ацәажәашьа сыздырӡом, аха ақырҭуа бызшәа иансаҳауа иаразнак издыруеит. Иаразнак сгәы сҽанымкәа сабду, адәахьы удәылҵ ҳәа дсыҳәеит, ақәацә сдәылҵны снеиааир, ма аҭаҭын сахаразы. Саргьы ажәак мҳәакәа иҳәатәы хасҵеит.

Аамҭа маҷк аамышьҭахь, аишәа хәҷы ҳанахатәаз, иӷарыз ақәацә аҟны, аиқәаҵәа зшәыз аԥҳәыс, ибзиаз аурыс бызшәала дҳацәажәон. Сара ишызбаз ала сабду маҷк дгәаҭеиуан, иҭыԥ изыԥшаауамзт. Акыр анҵы сиазҵааит иаҳзымдыруаз аԥҳәыс лзы, аха иааркьаҿны исеиҳәит «уи атәы нас ҳалацәажәап»…Шьыжьымҭан ақыҭа аанҳажьит. Нас, ԥыҭраммаҭак ашьҭахь сабду исеиҳәеит, ақәацә аҟны инхоз иаҳзымдыруаз аԥҳәыс, аамҭак зны Қырҭтәыла дынхон, уаҟа аҭаацәара дук аҟны цхырааҩыс аус луан, 1941 шықәсазы, Смоленскҟа хәаахәҭра ҳәа дцеит, аха амҩа дшықәсз аџьынџьтәылатә аибашьра иалагеит, зымацара иаанхаз шьҭахьҟа лыԥсадгьыл ахь ахынҳәра лылымшеит. Аԥҳәыс Смоленск аусура ҳәа даанхеит.

Сара игәасҭеит сабду даҽа ҳәатәык шимаз, еиҳа ахадара змаз акы. аарла, иҭахымкәа исеиҳәеит иаҳзымдыруаз аԥҳәыс иалҳәаз атәы, Смоленск араионқәа руакы аҟны, қыҭа харак аҿы, иара, ихырцаз иаҳәшьа дшынхоз. Сабду уи димбеижьҭеи ҩынҩажәижәаба шықәса ҵуан, илызкны акгьы имаҳацызт, изакәытә ҭагылазаашьаз илымаз ицәыӡыз иҭаацәара ахаҭарнак лыԥсҭазаара аҵахәтәантәи ашқәсқәа рзы. Аҭакәажә ԥҳәыс Лиза илызкны аҭыԥынтәи агазеҭқәа руакы аҟнытә иҳаҳаит, уаҟа ианын, аҭауад-ԥҳа ақырҭуа ԥҳәыс, дахцан, ахадара змаз ақьырсиантә маҵура ныҟәылгон ҳәа.

Даараӡа сгәы иалоуп, усҟан хымԥада змаз аусқәа рымшала, Москваҟа ахынҳәра сықәшәит, убри аҟнытә сабду иаҳәшьа ҷыдала ҳахьеибамдырыз азын, ҳаиԥылара еигьы иаауа ашқәс ахь ииаҳгеит. Аха уи ашықәс уаҳа имгылеит, Елисабед мызқәак раамышьҭахь дыԥсит.

Ҳәарада, сабду Лиза дибит. Сара иахьагьы сәгы иалоуп, ари аиԥылара сара схаҭа сахьалахәымз, иахьысымбаз азы. Рыцҳарала, сабдугьы иаарласны дыԥсит, сахьымӡеит, сабду ицәыӡны иҟаз иаҳәшьа иалҳәаз атәы, акыр аамҭа аамышьҭахь еиқәшәаз еибырҳәаз, саҳәара дахьымӡеит. Амала издыруа, уи алагери, ахцареи Елисабед Аԥхаз дзаԥымҽит».

Ԥшьҩык аишьцәа Аԥхазаа

Ԥшьҩык Аԥхазаа аишьцәа рытрагедиатә ԥсҭазаара актәи адунеитә аибашьра аамҭазы изхылҵыз рани-раби рцәыӡрала иалагоит, инагӡоит Урыстәыла, 1917 шықәсазы асоциалтә револиуциа ала, уи Қырҭтәыла ахьԥшымратә республика хышықәсатәи аҟазааратә инасыԥыз аамҭа, арсоветреи, ашьаарҵәырала ирхәаҽыз ақырҭуа апатриотцәа рҿагылара зынӡагьы иқәырхит. Аишьцәа аҳәаанырцә рынхара, аемиграциа аҟны инаӡеит, урҭ аҳәаанырцәтәи рыԥсҭазаареи рмаҵуреи ахҭысқәа, азеиԥш аиҟратәра ауп зыхьԥшымра зҵәыӡыз аҳәынҭқарреи, уаантә иқәҵны ицаз ажәладуқәа рынасыԥ цәгьареи. Гьаргь Дмырмит-иԥа Аԥхаз раԥхьы ицәырҵыз иоуп, Абхазаа рҭаацәаратә қьабзқәа «еилазгаз», милаҭла иақырҭуамз аԥҳәыс, Алеқсандра Петр-иԥҳа Мурмецова ԥҳәысс дызгаз, уи аурысқәа ажәладуқәа рыҭԥҳа лакәын. Аҳәамҭақәа рыла, Мурмецоваа рҭаацәа Урыстәыла аимператор иҿы анырра ду змаз ажәла ракәын. Гьаргь данҿаз Урыстәылатә армиа амаҵура иуан подполковникс дыҟан, анаҩс ԥҳәысс иигазгьы уаҟа ауп дахьидырыз.

Гьаргь
close icon

Ԥшьҩык аишьцәа Аԥхазааი

Ԥшьҩык Аԥхазаа аишьцәа рытрагедиатә ԥсҭазаара актәи адунеитә аибашьра аамҭазы изхылҵыз рани-раби рцәыӡрала иалагоит, инагӡоит Урыстәыла, 1917 шықәсазы асоциалтә револиуциа ала, уи Қырҭтәыла ахьԥшымратә республика хышықәсатәи аҟазааратә инасыԥыз аамҭа, арсоветреи, ашьаарҵәырала ирхәаҽыз ақырҭуа апатриотцәа рҿагылара зынӡагьы иқәырхит. Аишьцәа аҳәаанырцә рынхара, аемиграциа аҟны инаӡеит, урҭ аҳәаанырцәтәи рыԥсҭазаареи рмаҵуреи ахҭысқәа, азеиԥш аиҟратәра ауп зыхьԥшымра зҵәыӡыз аҳәынҭқарреи, уаантә иқәҵны ицаз ажәладуқәа рынасыԥ цәгьареи.

Гьаргь Дмырмит-иԥа Аԥхаз раԥхьы ицәырҵыз иоуп, Абхазаа рҭаацәаратә қьабзқәа «еилазгаз», милаҭла иақырҭуамз аԥҳәыс, Алеқсандра Петр-иԥҳа Мурмецова ԥҳәысс дызгаз, уи аурысқәа ажәладуқәа рыҭԥҳа лакәын. Аҳәамҭақәа рыла, Мурмецоваа рҭаацәа Урыстәыла аимператор иҿы анырра ду змаз ажәла ракәын. Гьаргь данҿаз Урыстәылатә армиа амаҵура иуан подполковникс дыҟан, анаҩс ԥҳәысс иигазгьы уаҟа ауп дахьидырыз.

1891 шықәсазы урҭ раԥхьатәи ахылҵ, Дырмит дроуит. 1899 шықәсазы, хаҵеи-ԥҳәыси аӡӷаб илызԥшын аха аҭаацәа даҽа ҷкәынк, Гьаргь дырхылҵит. 1893 шықсазы, аҭаацәара аҟны даҽа аӡәы диит, уи Алеқсандр ихьӡырҵеит. 1894 шықәсазы, аԥшьбатәи рхылҵ, Иракли диит.

Абхазаа аишьцәа ессымшатәи рыԥсҭазаара егьырҭ ажәладуқәа рхәыҷқәа рыҟнытә иуызрылкаауамзт, аха нас 1897 шықәсазы, урҭ ран Алеқсандра дырцәыӡит. Ари атрагедиа аҭаацәа реиҵбаӡа, раҳәшьа дыниз акыр аамҭа имгакәа иҟалеит. Усҟан аиашьа аиҳабы 6 шықәса ихыҵуан, аиҵбы 3 шықәса дырҭан. 1901 шықәсазы иаалырҟьаны рабгьы дыԥсит. Ахәҷқәа рбара, ан луацәа рхы иадырҵеит, аха аҭаацәа еидырхит. Хҩык аишьцәа Қырҭтәыла, рабиаҳәшьа лҿы иаанхит, Лизеи, Ираклии ран илзааигәаз лыуацәа аԥеи-ԥҳаси иҟарҵеит Урыстәыла аҟны.

Ахәыҷқәа руацәа даараӡа ибзианы ирбон, имааԥсакәа рҽазышәаны ахәыҷқәа зегьы даараӡа ибзиаз аҵара рырҭеит. Ииаҭымхаз Аԥхазаа даараӡа ибзианы аҵара рҵон, Европатәи иакымкәа абызшәақәа рдыруан. Ԥшьҩык аишьцәеи раҳәшьа заҵәи, аҵыхәтәаны 1910 -1912 шықәсқәа раан «еидылеит», зықәра нагӡахьаз, ихьԥшымз аԥсҭазаара иалагеит. 1914 шықәсанӡа урҭ есымшатәи рыԥсҭазаара зегьы иреиҳаӡоу аҵарадырреи, астудентратә хҭысқәеи рыла иҭәын. Гьаргь Париж, асахьаҭыхратә академиа аҟны аҟазара иҵон, Иракли Москва аҵара иҵон. Рыцҳарала уи аамҭазы Абхазаа рыԥсҭазаара аҟны ахҭысқәа иныҵаӡӡаа ицоит, урҭ уаанӡатәи рҿара иазку даараӡа имаҷу ана-ара цәынхатәи дыррақәак роуп иаанхаз, аха ҳгәаанагара ала урҭ рыԥсҭазаара астандартә аҿара акәын, астудентратә ишәарҭоу ахҭысқәа рыла иҭәын. 1914 шықәсатәи аибашьра урҭ рыԥсшазаара ашьаҭа инаркны иаԥсахит. 1914 шықәса, абҵара 4 Гьаргь афронт ахь дцеит, аибашьра далахәын. Гьаргь арратә чын иоуит, прапроршьчикс дықәдыргылеит.

Алеқсандре Аԥхаз қәҿиарала далгеит Москватәи ауниверситет аиуристтә факультет, 1917 шықәса, ԥхынҷкәын 21 иаргьы апрапоршьчик ичын иоуит.

Дырмит 3-тәи Кавказтәи арратә полк аҟны амаҵура наигӡон, анаҩс, апрапоршьчики, аподполковники рчын ианашьан. Аибашьра далахәын рашьеиҵба Ираклигьы.

1918 шықәса Қырҭтәылатә ареспублика иззыԥшыз ахьԥшымра аԥшааит, аха ақырҭуа милаҭ ргәырӷьара аамҭа кьаҿын, избанзар 1921 шықәсазы Қырҭтәыла Ар ҟаԥшьы алалеит, даараӡа идууыз аҿагылареи, ахы амеигӡареи аадырԥшит, аха 1923 шықәсазы Қырҭтәыла Асоветтә Урыстәыла иахәҭакхеит. Арсоветра аамышьҭахь, хҩык аишьцәа Абхазаа аҳәаанырцәҟа иахыҵны ицеит, рыԥсадгьыл ахь уаҳа рхаан имхынҳәит, аха Лиза Абхаз-ԥҳаи, уи лхаҵеи рышьҭа акыр шықәсақәа иӡны иҟан. Аишцәа Аԥхазаа аџьынџьтәылатә аибашьра иалахәын, избанзар ирыԥхьаӡон урҭ пату змоу руал ауп ҳәа, амала 1918 шықәсазы Қырҭтәыла ахьԥшымра, урҭ рзы иҿыцыз, инасыԥыз, зхыиақәиҭыз аԥеиԥш рыднагалон. Аха аиашазы ари улахь еиқәызҵо аилиузиа азыԥшра акухеит, зынҵәамҭа ҽеимз алакә. Имарианы ухаҿы иааиуеит, изакәытә еиҿагыларатәыз агәаанагарақәа рымаз аишьцәа, ишьаарҵәыраз, аҟамақәа рыла ампыҵакыларазы иаиааиз аҟаԥшьқәа рахь, иарбынзаалак апрогресиақәа иаҿагылоз, иақәԥоз. Урҭ ирзааигәаз рыуа Коте Абхаз, Илиа Ҷавҷаваӡе иаҳәшьаԥәа иакәын, аҿагыларатә аиҿкаара дахагылан, нас уи ддырбаандаҩыит, 1923 шықәсазы ашьра иқәырҵан, дыршьит. Аҿагыларатә агәыԥқәа ралахәҩцәа даараӡа ашәарҭа ду иҭагылеит. Урҭ рыхқәа ақәақәа рықәкы иркын асовет амаҵзуҩцәа, иара усгьы ашәарҭа иҭагылан зегьы, еиҳарак аҭауад-аамсҭеи, урҭ арежим ҿыц аҭагылазаашьа аҿы адисидентцәеи, ауаажәлар раӷацәеи ҳәа иалаҳәан. Абас хҩык аишьцәа Абхазаа инанагеит аҳәаанырцә, атәымра аҟны.

Иракли Аԥхаз имоҭа игәалаиршәоит: «Сара сиит Москва, 1943 шықәсазы, Иракли Аԥхаз иҭаацәа рҿы, абарҭ зегьы рзы, уажәы ишәзеиҭасҳәар исҭаху, уаанӡа уи иазкны акгьы сыздыруамзт. Сыжәладура иазкыз уаанӡатәи абиԥара атәгьы акгьы смаҳацызт, аемигрант ауацәа шсымазгьы сыздыруамзт. Амала исаҳахьаз, акыр ихараны Қарҭ аҟны џьара, сабду дшынхоз, саб иган ала. Сабду раԥхьаӡа 9 шықәса ансхыҵуаз дызбит, Москваҟа сасра данҳҭааз, аха ҳара ҳаизыҟазаашьақәа уи аиԥылара аамышьҭахь даараӡа икьаҿхеит. Даҽа знык ҳаиԥылеит, иара Урыстәылаҟа анхарас даниас, Смоленсктәи аокругқәа руакы аҟны рҵаҩыс аусура далагарц. Нас астудентра аамҭазы лассы-лассы сиҭаалон сабду, ааигәа-сигәа абна аҟны ҳшәарыцон. Сабду ихыигаз аамҭа атәы зынӡа игәалаиршәаӡомзт, сара сакәзар, аиаша шәасҳәап, сҿан азын, усҟак аинтирес сымаӡамзт. Зны заҵәык сиазҵааит, аиашьа, аиаҳәшьа имазу ҳәа. Иара иаразнак иааркьаҿны, иҭахымкәа аҭак сиҭит, ишимаз ала, аха актәиа адунеитә аибашьра аан, урҭ аҳәаанырцәҟа ицан уи инаркны рышьҭа иӡит. Акыр шықәса аамышьҭахь еилыскааит, ус шакәымз изыҟаз зегьы, ишубоз еиԥш акәымзт ишыҟаз, аха аамҭа цахьан. 1968 шықәсазы сабду дыԥсит, анаҩс 1979 шықәсазы саб дҭахеит. Урҭ иргеит сара сҭаацәара аҭоурых аилкаара алшарагьы, уажәы зегьы анаҟәа рхуп. Сабду данԥсы аамышьҭахь аҭаацәара рфото-альбом сзаарышьҭит Смоленск аҟнытә. Сара исыздыруам апатреҭ аҟны иану зусҭоу. Издыруа акы ауп, арҭ ауааԥсыра сара сышьҭра, сызхылҵыз роуп, аха урҭ ирызкны акгьы сыздыруам, даргьы сыздыруам»

left arrow icon right arrow icon

Гьаргь Аԥхаз Европатә артистцәа дыруакын, зхатәы рҿиарала ҩажәатәи ашәышықәса Италиатә акультура аҟны ареволиуциатә алаҵара ҟазҵаз.

Ҩажәатәи ашәышықәса актәи аԥшьба аҟны, ақырҭуа асахьаҭыхраҿы амонументтә, атрендтә формақәа аазырԥшыз. Усҟантәи аамҭазы амодернтәи аҟазара аамҭакала амрагыларатәи, амраҭашәаратәи акультурақәа наративтә анырра азнауит, избанзар аҿар асахьаҭыхҩцәа ибзианы иазхәыцит, еилыркааит, ахатәы гәаанагареи, иҳәаақәҵоу аҭагылазаашьеи, , аԥштәырацәара шашьуаз, аҿыц аконцепциа ашьақәыргылара ишаԥырхагаз. Еиҳабыраз абиԥаратә артистцәа Қырҭтәыла аҟны ақтиврала иаҿын аамҭа иақәшәоз Европатә аидеақәа рҭагалара. 20-тәи ашәышықәса, 30-тә ашықәсқәа рзы Қырҭтәылатә акультураз акыр уамашәа иубаша, икомплексуп, избанзар уи, ганк ала арсоветреи, ашьаарҵәыратә аилаҩынтра иақәшәеит, егьи аган ала ақырҭуа аҭазаратә аусхкқәа зегьы абжәаратә ҭагылазаашьа амоуп. Аиашазы абри аамҭа иақәшәоит, ақыәԥш, идырым артист ирҿиара ԥжәареи, ари амодернисттә абиԥара ианԥшыло, ирылукаауша хаҭарнакхоит Гьаргь Аԥхазгьы. Европатә аҟазаратә лабҿабара аҟны атеоретикатә трактатқәа рырацәареи, ҩажәа рыҟнынӡа аҟазаратә школқәа рыҟазаареи аан ицәырҵыз аҿыц аестетикатә азнеира иҳаракыз ацәаҳәа цәырнагеит. Ақырҭуа аҟазарагьы шьаҿа-шьаҿала Европатә акультуратә револиуциа иашьҭаланы инеиуан.

Гьаргь
close icon

Гьаргь Аԥхаз Европатә артистцәа дыруакын, зхатәы рҿиарала ҩажәатәи ашәышықәса Италиатә акультура аҟны ареволиуциатә алаҵара ҟазҵаз.

Ҩажәатәи ашәышықәса актәи аԥшьба аҟны, ақырҭуа асахьаҭыхраҿы амонументтә, атрендтә формақәа аазырԥшыз. Усҟантәи аамҭазы амодернтәи аҟазара аамҭакала амрагыларатәи, амраҭашәаратәи акультурақәа наративтә анырра азнауит, избанзар аҿар асахьаҭыхҩцәа ибзианы иазхәыцит, еилыркааит, ахатәы гәаанагареи, иҳәаақәҵоу аҭагылазаашьеи, , аԥштәырацәара шашьуаз, аҿыц аконцепциа ашьақәыргылара ишаԥырхагаз. Еиҳабыраз абиԥаратә артистцәа Қырҭтәыла аҟны ақтиврала иаҿын аамҭа иақәшәоз Европатә аидеақәа рҭагалара.

20-тәи ашәышықәса, 30-тә ашықәсқәа рзы Қырҭтәылатә акультураз акыр уамашәа иубаша, икомплексуп, избанзар уи, ганк ала арсоветреи, ашьаарҵәыратә аилаҩынтра иақәшәеит, егьи аган ала ақырҭуа аҭазаратә аусхкқәа зегьы абжәаратә ҭагылазаашьа амоуп. Аиашазы абри аамҭа иақәшәоит, ақыәԥш, идырым артист ирҿиара ԥжәареи, ари амодернисттә абиԥара ианԥшыло, ирылукаауша хаҭарнакхоит Гьаргь Аԥхазгьы.

Европатә аҟазаратә лабҿабара аҟны атеоретикатә трактатқәа рырацәареи, ҩажәа рыҟнынӡа аҟазаратә школқәа рыҟазаареи аан ицәырҵыз аҿыц аестетикатә азнеира иҳаракыз ацәаҳәа цәырнагеит. Ақырҭуа аҟазарагьы шьаҿа-шьаҿала Европатә акультуратә револиуциа иашьҭаланы инеиуан.

Аҿыц аҟазаратә аҵысра ашьақәыргылара аепотажтә текст «Афутуристтә аманифест» акьыԥхьит франциатә ажурнал «Ле Фигаро» аҟны, уи давторын Италиатә апоет Ԥилипо Томазо Маринети иакәын. Ақырҭуа артистцәа иаартхеит аидеа азы , урҭ аиҿкаара мап ацәызкуаз, ауаа авульгарратә, ареакционертә, апровокациатә аҟазара аишьақәыргылара азы ааԥхьара ҟазҵоз. Маҷк анааҵы афутуристратә азнеира ақырҭуа аҟазара ачынрақәа зегьы рыҟны активрала ашьаҭа шьақәнарӷәӷәеит, адоминантра змаз усхкхеит.

Хыхь ишаҳарбаз ала, Гьаргь А6хаз абри ацәырԥра аҟны ирылукаашаз иакәхеит, аҟаза дуны дҟалеит. Уи иусумҭақәа реиҳарак асценатә ақәыргылара азын иаԥҵан, аха ицәгьаз акомпозициеи, иаарԥшыз ахаҿқәа рҟазшьа ауникалра артист иусумҭақәа аграфикатә шедеврқәа ракәхеит. Аԥхаз иусура инаркны 128 шықәса ҵхьеит аха, асахьаҭыхҩы иусумҭақәа иахьагьы аамҭа иақәнаго, атренд змоу роуп.

Ацәыргақәҵа аретроспектива

2021 шықәса, абҵара 26 азы, агалереа PALAZZO VELLI EXPO аҿы Гьаргь Аԥхаз ицәыргақәҵа мҩаԥысит. Аекспозициа еиднакылон артист ила еиуеиԥшымз аамҭақәа раан иаԥҵаз асценаграфиақәеи, асценатә акостиумқәа рсахьаҭыхрақәа инагӡам аизга, урҭ зегьы рсиа Римтәи аоператә театр аҟны иахьанӡа иҵәахуп. Гьаргь Аԥхаз иара иепоха аҟны ареволиуциатә артист иоуп, уи Европатә атеатрқәа асценатә асахьаҭыхраҿы иӷәаӷәаӡаз абжьи, актуалреи азирхынҳәит. Гьаргь Римтәи аопера аҟны ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа аус иуан, асценатә сахьаҭыхратә концепциа зынӡа ирҿыцу апризма ахь ииеигеит. Уи иусумҭақәа алукаауеит, аҿыхареи, аԥштәқәа иџьоушьаратәы еилаҵарашьа, аколорит ӷәӷәеи, ишьақәырӷәӷәоу ацәаҳәақәеи, ахәыцреи рыла, убри аҟнытә уи ирҿиара иахьагьы аамҭа иақәнаго, ановатортәқәа иреиууп.

Аспектакль

Абзиабара аелексир Аве Мариа Даԥни Енох Арден Амратә адгьылбжьаха Испаниатәи асааҭ Мавра Парциԥал Персеԥоне Тоска Нанҳәа
left arrow icon
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Асцена актәи ақәгыларазы Акартон, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Ахԥатәи акт асценазы Акартон, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аескиз Акартон, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Асцена ахԥатәи ақәгыларазы Акартон, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Ахәыҷқәа аныҳаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Ауардынхьча Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҳәашгаш Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҳәашгаш имаҵуҩы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Адоласҩы, Ақьаад еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Адина Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аколынхаҩԥҳыс аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аӡӷаб аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҳкәажә Ҳудери, Жанетеи Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҭакәажә Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҭакәажә Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аныҳәазтәи акостиум аҭыхымҭа Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы қәыԥш Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Ахаҵкы змоу Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Неморино Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы ԥҳәыс аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аҵара уаҩы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Асасааирҭа зтәу Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Икәашо аӡӷаб аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аӡӷаб аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы ҷкәын Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы ԥҳәыс Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы аныҳәаҿы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Аԥҳәыс брыг даҽа костиумк аҭыхымҭа Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы даҽа костиумк аҭыхымҭа Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы даҽа костиумк аҭыхымҭа Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы даҽа костиумк аҭыхымҭа Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы ԥҳәыс Ақьаад, еилаԥсоу атехника
  • „Абзиабара аелексир“ Г. Даницети 1941 Анхаҩы ԥҳәыс Ақьаад, еилаԥсоу атехника
right arrow icon

Аграфикатә сахьа

Апостерқәа Афильм апостер Ахҟьа асахьа
left arrow icon
  • Апостер асахьа ахеидкыла Ситроен азы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Апостер асахьа Милантәи 13-тәи аџьармыкьа азы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Аӡыргаратә сахьа агигиенатә косметика ҭыжьырҭа абрендқәа рзы
  • Аӡыргаратә сахьа агигиенатә косметика ҭыжьырҭа абрендқәа рзы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Апостер асахьа аласа ҭыжьырҭа азы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Апостер асахьа ахеидкыла Ситроен азы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Аӡыргаратә сахьа акосметикатә брендқәа рзы
  • Асахьаркра ашәҟәаарт азы
  • Асахьаркра ашәҟәаарт азы
  • Асахьаркра ашәҟәаарт азы
right arrow icon

Гьаргь Аԥхаз ицәыргақәҵа Рим

play button

Лаура

play button

Дзыҳхашҭи Гьаргь Аԥхаз?

Гьаргь Аԥхаз иԥсҭазаареи, имаҵуреи иазкны ақырҭцәа иаҳдыруа даараӡа имаҷуп, аха уи ихьӡ аамҭак азын Италиатә асцена дуқәеи, артисттә салонқәа рҿыи амч ду аманы игон. Гьаргь аган рацәатәи аҟаза – аграфик, асценограф, ашәҟәқәа риллустратор, акостиумқәеи, аӡыргареи рсахьаркҩы иакәын. Уи иусумҭақәа аамҭак ала амонументратәи, аграциозралеи, акы еиԥшым, ахазхаҭалатәи аколорит ҳәа иаарԥшуп. Иара изку адыррақәа анаҟәа шырхоугьы, ҳгәы иаанагоит артист даараӡа ибзиаз архитектортә аҵаралшара иман ҳәа, избанзар, аамҭа иақәнагоз уи асценатә аинтерерқәа, даараӡа ибзиаз архитектортә дырра аҭахын. Гьаргь Аԥхаз ихьӡ иара ихатәы ԥсадгьыл азын ирӡуп, избанзар асоветтә режим атәыла аҟны иаанханы иҟаз аинтелигенциа иқәнагеит, иқәҵны емиграциа ахь ицаз ауаа рыхьӡ аннахит. Атәыла арсоветра атрагедиатә аамҭа анасыԥ Гьаргь Аԥхаз аҳәаанырцә аҟны анхареи, аусуреи, илашьцаз лаиҭмотивны иԥсҭазаара иалаз, иманы дцеит. Абри ацәыргақәҵа ала, иаҳҭахуп, иӡны иҟаз артист ихьӡ аханнатә аԥсы ахаҵареи, асахьаҭыхҩы ихатәы ҭоурыхтә иԥсадгьыл ахь дҳарханҳәуеит, Гьаргь Аԥхаз иԥсы ахьынӡаҭаз, уи абара алшара имхын.

инапы́иани́ҵоит